"Ель Паис" аҿы ЕАШ-и Нато-и Урыстәыла ахь иҟарҵаз аҭак икьыԥхьуп - Урыстәыла арратә хәҭақәа Украинеи, Қырҭтәылеи Молдовеи ирылҵроуп, иаарту ашәқәа рполитика аанхоит
Испаниатәи аҭыжьымҭа “Ель Паис” аҿы ЕАШ-и Нато-и Урыстәыла ахь ирышьыз иконфиденциалу адокумент икьыԥхьуп. Нато аҭак ԥшьдаҟак, ЕАШ аҭак – хәдаҟьак ирнуп.
Аҭыжьымҭа аинформациа ала, Нато адокумент 8.3 апункт аҿы ишану ала, Европатәи ашәарҭадаразы Урыстәыла арратә хәҭақәа Украинеи, Қырҭтәылеи Молдовеи ирылҵроуп. Аҩадаатлантикатә алианс адокумент инақәыршәаны, атәылақәа зегьы рсуверенитети, ртерриториатә акзаара апринципқәеи, аҳәаа аилымгареи пату рықәҵатәуп, амч ахархәара аҭыԥ амамзароуп.
Адокумент инақәыршәаны, Нато аконфронтациа аҭахым, аха мраҭашәаратәи апринципқәа мап рыцәкра агәы иҭам.
ЕАШ адокумент аҿы ишану ала, атрансатлантикатә адгылаҩцәеи апартниорцәеи Вашингтони Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара азыхиоуп.
ЕАШ иаарту ашәқәа рполитика иадгылоит, ари азҵаара ахцәажәаразы иашьашәалоу аорум Урыстәылеи Нато-и рхеилак ауп.