Екатерина Тикараӡе - Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Горитәи агоспиталь аҿы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы изеиқәыршәазаауеит, иара амлашьра дшаҟәыҵуа азы ажәа ҳаиҭеит
Горитәи агоспиталь аҿы иҟаз Екатерина Тикараӡе Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа аиҕьтәра иалахәыз аҳақьымцәа зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
«Аконсилиумгьы ахәышәтәра апроцессгьы иалахәыз аҳақьымцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Апациент дахьыҟаз аусбарҭақәа зегьы рҿы иахәҭаз амаҵзура иоуит. Амлашьра иаҿыз адепутатцәа рҭагылазаашьа цәгьахеит. Убри аҟынтә, атәыла ҧасатәи ахада Горитәи агоспиталь ашҟа диаагарц ҳаӡбеит. Иара амлашьра дшаҟәыҵуа азы ажәа ҳаиҭеит, уи абзоурала егьырҭ ауааҧсырагьы амлашьра иаҟәыҵуеит», — илҳәеит Екатерина Тикараӡе.
Лара лажәақәа рыла, уажәазы Михаил Саакашвиил иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, иара ареанимациатә аҟәша дҭам.