Еиуеиҧшым аусхкқәа рхаҭарнакцәа аҵысра «Европа иалх» еиҿыркааит, дара рахь ааҧхьара ҟалҵеит Саломе Зурабишвили
Еиуеиҧшым аусхкқәа рхаҭарнакцәа аҵысра «Европа иалх» еиҿыркааит. Аҵысра ашьаҭакҩцәа ишырҳәаз ала, ҧхынгәы 18 инаркны жьҭаара 26-нӡа Қырҭтәыла зехьынџьара, иара убас, ақырҭуа емиграциаҿы имҩаҧгахоит акампаниа «100 мшы аиааиранӡа».
Ауснагӡатә алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
«Ҳара абжьааҧнытә алхрақәа ракәӡам имҩаҧааго. Уи баша кампаниак акәӡам, мамзар, атәыла ахада лаҳасабала иахьа абрахь сааӡомызт. Ҳара атәыла аҧеиҧш алҳхроуп. Ҳҧеиҧш алҳхроуп. Уи ареферендумҵәҟьоуп. Ари ареферендум аҿы ганкахьала – ақырҭуа жәлар, егьи аганахьала ҳҧеиҧш иаҧырхагоу аиҳабыра игылоуп. Европатәи ҳҧеиҧш аҧырхагахара ҳзақәшаҳаҭхом, ҳҽеидаҳкылароуп, аганқәа зегьы рнапы зҵарҩыз ахартиа наҳагӡароуп. Алхрақәа рышьҭахь уаҟа иану анагӡаразы аамҭа маҷхоит. Абри иҵаау аҭагылазаашьа алҵреи, ҳпартниорцәа разыхынҳәреи, ҳара амҩа иашашҟа ҳшыхынҳәыз, иахьа бжала иаарту ашәқәа еиҭах иаҳзаадыртыр шаҳҭаху агәра дыргареи азы аамҭа ҳацәмаҷуп. Ари аҳасабтә наҳамгӡар, акгьы ҳзыҟаҵом, даҽа альтернативак ҳамам. Ҳара ҳрацәаҩуп, ҳаидгылоуп, Қырҭтәыла аиааира агоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.