Едгарс Ринкевичс – Урыстәыла  Украинаҿ кыраамҭала аибашьра анагӡаразы иазхаша аресурсқәа амоуп, убри аҟынтә, Мраҭашәара Киев ацхраара нанагӡароуп
Едгарс Ринкевичс – Урыстәыла  Украинаҿ кыраамҭала аибашьра анагӡаразы иазхаша аресурсқәа амоуп, убри аҟынтә, Мраҭашәара Киев ацхраара нанагӡароуп

«Урыстәыла  Украинаҿ кыраамҭала аибашьра анагӡаразы иазхаша аресурсқәа амоуп, убри аҟынтә, Мраҭашәара Киев ацхраара нанагӡароуп», — иҳәеит Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Едгарс Ринкевичс.

Иара иажақәа рыла, Мраҭашәара Украина ацхрааразы  ҕәҕәала еидгылоуп,  аха,  ишаҧу ала,  аӡбарақәа рыдкылара аласра ауп проблемас иҟоу. Иаҳҳәап,  Ринкевичс ишиҳәаз ала,   Украина иаамҭаны абџьар аҭара анрылымшогьы иҟоуп.

Ринкевичс иҳәамҭала,  уажәазы,  афонтаҿ аҭагылазаашьа акәымкәа,  Урыстәыла ала атәылауаҩратә обиектқәеи акритикатә инфраструктуреи ажәылароуп зегьы раасҭа иаргәамҵуа.

Ринкевичс ишазгәеиҭаз ала,  убри азоуп  Латвиа Украина аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи аӡынразы Киев ацхраареи азыҳәан  Евроеидгылаҟынтә иацҵаны аҧара изаҳәаз.