ЕАШ Иемен иҟоу ахуситцәа рырратә обиектқәа рганахьала еиҭах ажәылара мҩаԥнагеит
ЕАШ Иемен иҟоу ахуситцәа рырратә обиектқәа рганахьала еиҭах ажәылара мҩаԥнагеит

ЕАШ Иемен иҟоу ахуситцәа рырратә обиектқәа рганахьала еиҭах ажәылара мҩаԥнагеит.

ВВС аинформациала, ажәылараан ахуситцәа ррадар ықәырхит.

Америкатә аруаа ишаарыцҳаз, ажәылара мҩаԥган “Томагавк” амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа рыла, урҭ Амшын Ҟаԥшь аҿы адислокациа змоу арратә аӷбантә рышьҭит.

Пентагон аҳәамҭала, ажәылара хықәкыс аман Амшын Ҟаԥшь аҟны иӡсо акоммерциатә аӷбақәа рықәларақәа раԥыҟәҟәаара.

Ахуситцәа иҟарҵаз аҳәамҭала, ЕАШ Иемен аҳҭнықалақь Сана аганахьала ажәыларақәа мҩаԥнагеит.

Иемен аҩадатәи ахәҭеи аҳҭнықалақьи шеишықәса рыбжьара ахуситцәа рнапаҿы иҟоуп. Урҭ Амшын Ҟаԥшь аҟны аӷбақәа дырҳәоит.