ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Пентагон аҟны украинатәи аколлега Рустем Умеров диԥылеит
ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Пентагон аҟны украинатәи аколлега Рустем Умеров диԥылеит

ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин иахьа Пентагон аҟны украинатәи аколлега Рустем Умеров диԥылеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аиԥылараҿ украинатәи ачинҳаракҩы америкатәи иколлега афронт аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны диацәажәан, курсктәи ахҭысқәа рызкны адырра ииҭеит.

“Аминистр даҽазны шьақәирӷәӷәеит ЕАШ Украина адгылара шазаанарԥшуа”, -иануп ЕАШ атәылахьчара адепартамент аланарҵәаз аинформациа аҿы.