ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа ала, Биӡина Иванишвилии иҭаацәара алахәылацәеи асанкциақәа рықәырымҵеит
ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа ала, Биӡина Иванишвилии иҭаацәара алахәылацәеи асанкциақәа рықәырымҵеит.
Ари атәы аанацҳаит “Арадио ахақәиҭра”.
„ЕАШ Биӡина Иванишвилии иҭаацәара алахәылацәеи афинанстә санкциақәа рықәырҵеит ҳәа ииашам. ЕАШ афинансқәа рдепартамент аднакыло асанкциақәа ирызку адыррақәа иҵәахым”, – иазгәарҭеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәа.
Биӡина Иванишвилии иҭаацәара алахәылацәеи асанкциақәа рықәырҵеит ҳәа адыррақәа жьҭаара 2 рзы ателееилахәыоа “Формула” аланарҵәеит.