ЕАШ аҳәынҭдепартамент ауаҩытәыҩса изинқәа ирызкны ицәырнагаз аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп
ЕАШ аҳәынҭдепартамент адунеи аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рҭагылазаашьа иазкны есышықәсатәи аҳасабырба цәырнагеит. 2022 шықәса арбагақәа ирызкәа аҳасабырба ҵәыригеит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Бнинкен. Адокумент адунеи 198 тәыла рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәалоуп, арҭ атәылақәа иреуп Қырҭтәылагьы.
Аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку азҵаарақәа ихадоу адыррақәа ирылан – аргәаҟра, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым ахымҩаԥгашьа, аҳаҭыр аларҟәра, иазкәаным ааныклара, аҭакра, аӡбарҭа ахьыԥшымра иазку апроблемақәа, аусԥшаара, хазхаҭалатә аԥсҭазаара изакәанымкәа аҽалагалара, амчылара, ажурналистцәа ркыдцалара, аҭынч аизарақәа рыҿагылара, LGBTQI ахаҿқәа ркыдцалара уҳәа уб. егь
Аҳасабырба иалалеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азҵаара. Адокумент инақәыршәаны, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьлықәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ацентртә напхгара ахылаԥшра аҵаҟа иҟам, де-факто анапхгарақәа Урыстәыла аҟынтә адгылара рымоуп. 2008 шықәса инаркны ахымца аиҭаламгара амч амоуп, аха аурыс аҳәаахьчаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра аиҭаҵра алшара рырҭом.
Адокумент аҿы Михеил Саакашвили изҵаарагьы иаарԥшуп. Аҳа́сабырба ала, иҳаҩсыз ашықәс азы Жәлар рыхьчаҩ анапхгара рахь изныкымкәа ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иашьашәало амедицинатә цхыраара изаадырԥшырц, аха ари иахәамԥшыкәа Михеил Саакашвили игәабзиара даара ицәгьахеит.