ЕАРи, Евроеидгылеи, Қырҭтәыла иҟоу ацҳаражәҳәарҭақәеи  "Праид амчыбжь" 2021 инамаданы еицыҟарҵаз аҳәамҭа
ЕАРи, Евроеидгылеи, Қырҭтәыла иҟоу ацҳаражәҳәарҭақәеи  "Праид амчыбжь" 2021 инамаданы еицыҟарҵаз аҳәамҭа

Қырҭтәыла иҟоу ЕАР, Евроеидгылеи рхаҭарнакрақәеи, Австриеи, Америкеи, Бельгиеи,  Германтәылеи, Британиеи, Испаниеи, Израили, Канадеи, Нидерланди, Норвегиеи, Бырзентәылеи, Франциеи,  Финлиандиеи, Швециеи, Швеицариеи, Чехиеи рыцҳаражәҳәарҭақәеи, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи   “Праид амчыбжь” 2021 инамаданы  аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

«Ауаа зегьы рзинеиҟарара ҳадгыланы,  рзинқәа рыхьчара амзызла, ЛГБТ + алахәылацәа адгылара рзааҳарҧшуеит, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, еилых рымҭақәа, ҭынч аизаразы ирымоу азин рзеиқәдыршәарц.

Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны, ауааҧсыра зегьы, ЛГБТ ахаҭарнакцәагьы нрылаҵаны, аизареи, рпроблемақәа рылацәажәареи,  ауаажәларратә уснагӡатәқәа рымҩаҧгареи, рзинқәа разықәҧареи азин рымоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.