ЕАР амиссиа Ҟарабах иаҭааит, азербаиџьантәи аихқәа ишаарыцҳаз, амиссиа алахәылацәа иахьа, Аӷдамиавсын, Аскеран-Ханқенд ахырхарҭала идәықәлеит.
Амиссиа хықәкыс амоуп аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭареи, ауааԥсыра ргуманитартә ҭахрақәа реилкаареи.
Амиссиа иалоуп ЕАР еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Азербаиџьантәи аихқәа ишаарыцҳаз, аҵыхәтәаны ЕАР амиссиа Ҟарабах 30 шықәса раԥхьа иҟан.