ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ Урыстәыла агрессиа амзызла иҭахеит 11 743-ҩык аҭынч тәылауаа
ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ Урыстәыла агрессиа амзызла иҭахеит 11 743-ҩык аҭынч тәылауаа

ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа иреиҳаӡоу акомиссариат (OHCHR) аланарҵәаз адыррақәа рыла, Украинаҿ Урыстәыла арратә агрессиа амзызла 2022 шықәса жәабран 24 инаркны 2024 шықәс нанҳәанӡа  иҭахеит 11 743-ҩык, ахәрақәа роуит 24614-ҩык аҭынч тәылауаа. 2024 шықәса нанҳәазы Украина иршьит 184-ҩык аҭынч тәылауаа, 856-ҩык ахәрақәа роуит, ԥхынгәы азы иршьит 219-ҩыу, ахәрақәа роуит 1018-ҩык.

ЕАР аинформациала, Урыстәыла иалагаз зымҽхак ҭбаау аибашьраан, Украина иҭахеит 5692-ҩык ахацәа, 3534-ҩык аҳәса, 338 зықәра имнеиӡацт аҷкәынцәа, 275-ҩык аӡӷабцәа.