Дональд Трамп – Сара ахада Зеленски иасҳәеит ари аибашьра хыркәшатәуп ҳәа
«Сара ахада Зеленски иасҳәеит ари аибашьра хыркәшатәуп ҳәа», — иҳәеит Америка ахада иҭыҧаз акандидат Дональд Трамп Fox News аинтервиу аҿы.
«Ахада Зеленски дысзасит, ҳара ибзианы ҳаицәажәеит. Ари аибашьра хыркәшатәуп ҳәа иасҳәеит. Уи арратә машьыноуп, шәара арратә машьына шәаҿагылоуп. Дара Гитлер даҵадырхеит, Наполеон даҵадырхеит, дара аибашьра иаҿуп. Ааҧынратә аконтржәылара ҟамлеит, ари аибашьра хыркәшатәуп ҳәа иасҳәеит. Аурысцәа рацәа ҭахоит, аха, иҭахо украинаагьы маҷым. Уи ҟамлар акәын, Баиден уи даҿагылар акәын», — иҳәеит Дональд Трамп.
Ҧасатәи ахада иҳәамҭала, иара президентс даныҟаз, аибашьра иҟамызт, Путин ахаангьы уи ҟаиҵомызт.
Трамп ишиҳәаз ала, уи азы 2 мзызк иҟоуп. Раҧхьа иргыланы, иара ипрезидентраан анефҭ ахә маҷын, Урыстәыла аибашьразы аҧара амамызт. Насгьы, Трамп ишиҳәаз ала, Путин ибеит америкатә арбџьармчқәа Афганистан ишалҵуаз.
«Пути лабҿаба ибеит ҳара Афганистан ҳшалҵыз, убри азоуп усҟан иара Украина дзақәымлаз. Путини Си Ӡиньпини, ахацәа ҕәҕәақәа, ауаа ҕәҕәақәа уи анырба, ҳаамҭа ааит ҳәа рҳәеит. Убри азоуп иара Украина дзажәылаз. Арҭ ауаа акомпетенциа рымам ҳәа иҳәеит», — иҳәеит Америка ҧасатәи ахада.