Дональд Трамп -  Камала Харрис  Аҩны шкәакәа дыҩналар – Америка иқәыӡӡаауеит  
Дональд Трамп -  Камала Харрис  Аҩны шкәакәа дыҩналар – Америка иқәыӡӡаауеит  

«Камала Харрис Аҩны шкәакәа дыҩналар, Аҩны шкәакәа зныкыр иҩназ алидерцәа рҟынтә зегьы реиҳа арадикалтә ахеилага лакәхоит, уи ҳтәыла лырбгоит», — иҳәеит Америка ахада иҭыҧаз акандидат Дональд Трамп Аҩадатәи Каролина алхраҧхьатәи аиҧылара анымҩаҧигоз.

Дональд Трамп иҳәамҭала,  адемократцәа хымҧада иаҵархатәуп,  мамзар,  атәыла иқәыӡӡаауеит.

«Уажәшьҭа ҳара ахьӡмцырк Камала ҳалиааироуп. Америка аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа зкомпетенциа маҷу арҕьаратәи авице-ахада.  Лара Баиден диеицәоуп. Баиден усҟак длибералымызт. Сара спрокуроруп ҳәа лҳәоит.  Лара леиҧш апрокурор цәгьа ахаангьы дыҟамызт.

Камала Харрис  алидер иҭыҧаз лхәарҭам. Лара шықәсык ала ҳтәыла лырбгоит. Шәыбжьы лышәҭар,  ари атәыла иқәыӡӡаауеит», — иҳәеит  Дональд Трамп.