Дональд Трамп: Ихадоу Иран атомгәыцәтә бџьар ахьамам ауп. Сара ахаангьы ҷыдала сгәы иҵхомызт арежим аԥсахра. Урҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьалоит ҳәа агәыӷра сымоуп
“Ихадоу Иран ануклиетә бџьар ахьамам ауп. Сара ахаангьы ҷыдала сгәы иҵхомызт арежим аԥсахра”, – ҳәа иҳәеит Америка Аҳәынҭқарра Ахада Дональд Трамп Катар амири иареи реиԥылараан.
“Сара сзы зегь реиҳа ихадоу Иран ахаангьы ануклиетә бџьар ахьамам ауп. Урҭ рыбжьы рдуны, еилыкка ирҳәеит. Иран урҭ ҟанаҵаӡом, иаахәом, акгьы ҟарҵаӡом, ус ҟарҵар, иузеиҭамҳәо алҵшәақәа ирықәшәоит. Убри азоуп аиқәшаҳаҭра зыснапы аҵазҩызгьы», – ҳәа иҳәеит Дональд Трамп.
Убри аан, Америка Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Иран арежим аԥсахра ахаангьы хьаас ишимоу.
“Сара ахаангьы сгәы иҵхомызт Иран арежим аԥсахра. Аха, сара сгәанала, уи ҟалеит. Арежим раԥхьатәи анапхгаҩцәа ықәгахеит, аҩбатәи агәыԥгьы ԥсит. Ахԥатәи агәыԥ ахәҭак ыӡит.
Сара арежим аԥсахра агәра згом. Уи ахаангьы аус ауӡом. Атәыла ашәара акәымкәа, ҳаҭырқәҵарала напхгара азутәуп. Ишыжәдыруа еиԥш, Иран 42000 ақәгылаҩцәа ҭахеит”, – иҳәеит Трамп.