Дональд Трамп – Ҳара Урыстәылеи Украинеи рызҵааразы ирацәаны аус аауроуп, абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп, дара рҽааныркылароуп
Дональд Трамп – Ҳара Урыстәылеи Украинеи рызҵааразы ирацәаны аус аауроуп, абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп, дара рҽааныркылароуп

 

Америка ҿыц иалху ахада Дональда Трамп иҳәамҭала, урыстәыла-украинатә еибашьра аанкылатәуп, ари азҵаара иара изы аҧыжәара амазаауеит.

Трамп ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Флорида имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.

«Ҳара Урыстәылеи Украинеи рызҵааразы ирацәаны аус аауроуп, абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп, Урыстәылеи Украинеи  рҽааныркылароуп», — иҳәеит  Трамп.

Трамп изныкымкәа иҳәахьеит иара Аҩны шкәакәа даныҩналалак, урыстәыла-украинатә еибашьра шааникыло, аха, уи шыҟаиҵо имҳәеит.

Иара убас,Трамп ишиҳәаз ала, иара изы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп Ааигәатә Мрагылараҿ аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара.