Дональд Трамп атәылауаҩратә напхыцәгьара аус азы иқәҵаз 175 миллион доллар ишәеит
Дональд Трамп атәылауаҩратә напхыцәгьара аус азы иқәҵаз 175 миллион доллар ишәеит

ЕАШ ԥасатәи ахада Дональд Трамп асоцаилтә каҭаҿы ишааицҳаз ала, атәылауаҩратә напхыцәгьара аус азы иқәҵаз 175 миллион доллар ахараԥса ишәеит.

ЕАШ ԥасатәи ахада иҟаиҵаз аҳәамҭала, уи ала иара активқәа имырхырц ирылшахом, аха ари аус азы иқәырҵаз ахара еиҭах дақәшаҳаҭым.

Ниу Иорктәи аппелиациатә аӡбарҭа анапхыцәгьара аус аанкылара ацынхәрас, Дональд Трамп 175 миллион доллар ашас ԥара ашәара иқәнаҵеит.