Дональд Трамп – Арыцҳара ду ҟалар ауан,  аха,  Анцәа ҳаихьчеит,  ҳара ҳшәаӡом,   ҕәҕәала Ҳхаҵара ҳақәныҟәоит, Ацәгьара ҳаҿагылоит
Дональд Трамп – Арыцҳара ду ҟалар ауан,  аха,  Анцәа ҳаихьчеит,  ҳара ҳшәаӡом,   ҕәҕәала Ҳхаҵара ҳақәныҟәоит, Ацәгьара ҳаҿагылоит

Иацтәи шәхәыцрақәеи шәныҳәарақәеи  рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит,  арыцҳара ду ҟалар ауан,  аха,  Анцәа ҳаихьчеит,   — иҳәеит Америка ахада иҭыҧаз акандидат Дональд Трамп.

«Ҳара ҳшәаӡом,   ҕәҕәала Ҳхаҵара ҳақәныҟәоит, Ацәгьара ҳаҿагылоит. Иҭахаз ауааи рҭаацәарақәеи абзиабара ду рзааҳарҧшуеит. Ахәрақәа зауз рыбзиахаразы ҳныҳәоит. Иахьа хымҧада ҳаидгылароуп, америкауаа рҟазшьа ааҳарҧшыроуп, уи аҵакы ду амоуп, ҳаҽҳарҕәҕәароуп, ацәгьара аиааира агарц азин аҳамҭароуп. Ҳтәыла гәыкала бзиа избоит, шәызынтәгьи даараӡа бзиа шәызбоит. Ҳазну амчыбжь  азы, Висконсина, ҳмилаҭтә ду рацәажәара сахыццакуеит», — иҩит Трамп асоциалтә аҳаҿы.