Дональд Трамп - Анцәа ҳаиқәирхеит, ҳара хшәом, ҳамчқәа еидкыланы ацәгьоура ҳаҿагылоит
Дональд Трамп - Анцәа ҳаиқәирхеит, ҳара хшәом, ҳамчқәа еидкыланы ацәгьоура ҳаҿагылоит

Анцәа ҳаиқәирхеит, ҳара хшәом, –иҳәеит ЕАШ ахада иҭыԥ ахь акандидат Дональд Трамп.

„Анцәа ҳаиқәирхеит, ҳара хшәом, ҳамчқәа еидкыланы ацәгьоура ҳаҿагылоит. Ахәрақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьаҳшьоит, иҭахаз атәылауаҩ ибзиабара ҳагәқәа рҿы иаанхоит“,- иҩит Трамп асоциалтә каҭаҿы.

Пенсилваниа Дональд Трамп идгылаҩцәа данырҧылоз, ахысра ҟалеит, Дональд Трамп ахәра иоуит. Амедиа адыррақәа рыла,  атәыла ахада иҭыҧаз акандидат иеихсит иара идгылаҩцәа рҿаҧхьа жәала данықәгылоз. Америка ахада Џьо Баиден ажурналистцәа данрацәажәоз ишиҳәаз ала, ахысра иазкны акгьы издырӡом.