Дональд Трамп – Америказы илахьеиқәҵагоу мшуп, уи ахаангьы еиҭаҟамлароуп, сара изакәызаалак цәгьарак ҟасымҵеит
Дональд Трамп – Америказы илахьеиқәҵагоу мшуп, уи ахаангьы еиҭаҟамлароуп, сара изакәызаалак цәгьарак ҟасымҵеит

Америка ҧасатәи ахада Дональд Трамп, ашас иршәаны, абахҭантә ихы данақәиҭыртәа ашьҭахь, ажурналистцәа драцәажәеит.

Трамп иҳәамҭала, иара изакәызаалак цәгьарак ҟаимҵеит, ари амш Америказы илахьеиқәҵагоу  мшуп.

«Америказы илахьеиқәҵагоу мшуп, уи ахаангьы еиҭаҟамлароуп, сара изакәызаалак цәгьарак ҟасымҵеит», — иҳәеит  Трамп.

Трампа иажәақәа рыла, алхрақәа рылҵшәақәа ҧаршеин ҳәа игәы иаанагоит.

«Алхрақәа ииашамкәа имҩаҧган ҳәа ҳгәы иаанагоит, убри аҟынтә, апротест аҟаҵара азин ҳамоуп», — иҳәеит  Трамп.

Америка ҧасатәи ахада Дональд Трамп  Фултон аокруг абахҭашҟа даннеи дбаандаҩыртәын, анеҩс, ашас иршәаны ихы дақәиҭыртәит.