Дональд Трамп  -  Америка жәлар исзаадырҧшыз аҳаҭыр ҷыда азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп,  зегьы реиҳа зҵакы дуу аполитикатә аиааира ҳгеит, шәҧеиҧш сазықәҧоит
Дональд Трамп  -  Америка жәлар исзаадырҧшыз аҳаҭыр ҷыда азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп,  зегьы реиҳа зҵакы дуу аполитикатә аиааира ҳгеит, шәҧеиҧш сазықәҧоит

Америка жәлар исзаадырҧшыз аҳаҭыр ҷыда азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп,  зегьы реиҳа зҵакы дуу аполитикатә аиааира ҳгеит, шәҧеиҧш сазықәҧоит, – иҳәеит заанаҵтәи адыррақәа рыла Америка апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира згаз акандидат Дональд Трамп.

Иара иажәақәа рыла, уи Америка жәлар рзы аиааира дууп, атәылазы ахьтәы периодуп.

„Шәызынтәгьы даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Гәыкала агәра згоит уи ҳтәыла аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа зҵакы дуу аполитикатә аиааира шакәу.  Ҳтәыла ацхыраара аҭахуп. Ҳара ҳҭоурыхаҿ адаҟьа ҿыц иалагоит. Ҳтәылаҿ аҭагылазаашьа ҳариашоит. Ҳара зегьы реиҳа зҵакы дуу аполитикатә аиааира ҳгеит.

Америка жәлар исзаадырҧшыз аҳаҭыр ҷыда азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Атәылауаҩ цыҧхьаӡа, аҭаацәара цыҧхьаӡа шәҧеиҧш сазықәҧоит. Есымша шәара шәзы сықәҧоит. Сара мышхәыбзазара ахьыҟало, ишәарҭам, Америка ҕәҕәа шьақәгылаанӡа саангылараны сыҟам, избанзар, ҳхылҵ абри аҩыза атәыла рымазар рыхәҭоуп. Уи Америка жәлар ирызку аиааира дууп, уи абзоурала, Америка адура ҳархынҳәуеит“, – иҳәеит Дональд Трамп.