Дональд Трамп Аиова ашташ аҿы Ареспубликатә партиа аҩныҵҟатәи алхрақәа рҿы аԥхьагылара имоуп
ЕАШ ԥасатәи ахада Дональд Трамп Аиова аштат аҿы Ареспубликатә партиа аҩныҵҟатәи алхрақәа рҿы аԥхьагылара имоуп, – аанацҳаит CNN.
Аиова аштат аҿы абжьқәа 80% рыԥхьаӡараан шеилкаахаз, Трамп иоуит 51%. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп Флорида агуберантор Рон Десантис (21%), ахԥатәи аҭыԥ аҿы Каролина ԥасатәи агубернатор Ники Ҳеили (19,1%).