Дональд Трамп – Аибашьрақәа ралагара сгәы иҭам, аибашьрақәа раанкылароуп сгәы иҭоу
Дональд Трамп – Аибашьрақәа ралагара сгәы иҭам, аибашьрақәа раанкылароуп сгәы иҭоу

Аибашьрақәа ралагара сгәы иҭам, аибашьрақәа раанкылароуп сгәы иҭоу, – иҳәеит Америка иалырхыз ахада Дональ Трамп аҭабуратә ажәа аниҳәоз.

Иара иажәақәа рыла, Америка акыршықәса рыҩныҵҟа еибашьуамызт.

„ Ииашаны ихәыцуа апартиа ҳауп. Ҳара аҳәаақәеи, ашәарҭадареи ҳҭахуп, ҳусқәа бзиазар ҳҭахуп. Аҵара бзиа ҳҭахуп, иҕәҕәоу арбџьармчқәа ҳамазар ҳҭахуп, аха, урҭ рхархәара ҳақәымшәар бзиоуп.  Америка акыршықәса рыҩныҵҟа еибашьуамызт. Ҳара аибашьрақәа ҳамамызт, уи еиҳангьы, зеиҧшҟамлац ала ирласны  „Исламтәи аҳәынҭқарра“ иаҵаҳархеит, аха, аибашьра ҳамамызт. Иара аибашьра далагоит ҳәа сзырҳәон.  Сара аибашьрақәа ралагара сгәы иҭам, аибашьрақәа раанкылароуп сгәы иҭоу“, – иҳәеит Дональд Трамп.