Дональ Трамп ишьра аҽазышәара иадҳәаланы, Америка Амаӡатә маҵзура аганахьала аусеилыргара иалагеит
Дональ Трамп ишьра аҽазышәара иадҳәаланы, Америка Амаӡатә маҵзура аганахьала аусеилыргара иалагеит

Америка ҧасатәи ахада Дональ Трамп ишьра аҽазышәара ашьҭахь, Америка аҩныҵҟатәи шәарҭадара аминистрра аинспектор хада Америка Амаӡатә маҵзура аганахьала аусеилыргара далагеит.

Аусеилыргара хықәкыс иамоуп  ҧхынгәы 13 рзы, Пенсилваниа,  алхраҧхьатәи акампаниаан Трамп ианиқәлаз,  Америка Амаӡатә маҵзура  аусушьа ахәшьара аҭара.

7800 ҩык аусзуҩцәа змоу Америка Амаӡатә маҵзура иауалуп атәыла ахадацәеи, авице-ахадацәеи, урҭ рҭаацәарақәеи, ҧасатәи ахадацәеи, рыҧшәмацәеи, зықәра наӡам рхылҵи, иара убас, егьырҭ аҳәынҭқарратә чынуааи ршәарҭадара аиқәыршәара.