Дмитри Песков – Урыстәыла Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧнагоит
Дмитри Песков – Урыстәыла Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧнагоит

«Урыстәыла Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧнагоит», — иҳәеит Кремль аофициалтә хаҭарнак Дмитри Песков.

Песков  иҳәамҭала,  Украинеи Урыстәылеи рырратә потенциал аиҿарҧшра уадаҩуп.

«Аурысцәа изымццакуеи ҳәа шәҵаауама? Ибанзар, аурысцәа Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧыргоит  — уи зынӡаскгьы даҽа ускуп, аибашьраан аинфраструктура зегьы, ақалақьқәа зегьы иқәырхуеит. Ҳара ус ҟаҳҵом. Ҳара аинфраструктуреи ауаа рыҧсҭазаареи еиқәхарҳар ҳҭахуп», — иҳәеит  Песков.