Дмитри Песков – Урыстәыла Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧнагоит
«Урыстәыла Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧнагоит», — иҳәеит Кремль аофициалтә хаҭарнак Дмитри Песков.
Песков иҳәамҭала, Украинеи Урыстәылеи рырратә потенциал аиҿарҧшра уадаҩуп.
«Аурысцәа изымццакуеи ҳәа шәҵаауама? Ибанзар, аурысцәа Украинаҿ аибашьра акәымкәа, аоперациа ҷыда мҩаҧыргоит — уи зынӡаскгьы даҽа ускуп, аибашьраан аинфраструктура зегьы, ақалақьқәа зегьы иқәырхуеит. Ҳара ус ҟаҳҵом. Ҳара аинфраструктуреи ауаа рыҧсҭазаареи еиқәхарҳар ҳҭахуп», — иҳәеит Песков.