Дмитри Песков - Украинеи егьырҭ атәылақәеи мраҭашәаратәи абџьар рыҭара аконтинент ашәарҭа ҭаднаргылоит
Дмитри Песков - Украинеи егьырҭ атәылақәеи мраҭашәаратәи абџьар рыҭара аконтинент ашәарҭа ҭаднаргылоит

Украинеи егьырҭ атәылақәеи мраҭашәаратәи абџьар рыҭара аконтинент ашәарҭа ҭаднаргылоит, – иҳәеит Урыстәыла ахада ипресспикер Дмитри Песков Британиа ду Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Траси иҟалҵаз аҳәамҭа иаҭакны.

Песков иажәақәа рыла, абри еиԥшу аӡбарақәа аҭышәнытәалара еиланагоит.

„Украинеи егьырҭ атәылақәеи мраҭашәаратәи абџьар рыҭара атенденциа аконтинент ашәарҭа ҭаднаргылоитабри еиԥшу аӡбарақәа аҭышәнытәалара еиланагоит“, – иҳәеит Песков.

Британиа ду Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Траси лажәақәа рыла:” Украина аурок ибзиаӡаны иаҳҵароуп. Аибашьра иалагаанӡа акыр шагыз, Британиа Ду украинаа абџьар рзырышьҭит, аруаа рзыҟаҵараҿ ирыцхрааит, аха  Урыстәыла аанкыларазы адунеи иҟанаҵаз иазхом. Абри еиԥш агха уаха ҟаҳҵом. Акгьы аныҟауҵо – абри ауп зегь реиҳа идуӡӡоу апровокациа. Уажәы афырхаҵара аамҭоуп. Украинеи мраҭашәаратәи Балканқәеи, Қырҭтәылеи Молдовеи иреиԥшу атәылақәа  рхатә суверенитети ахақәиҭреи рыхьчара алшара рымазароуп, ари азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Нато иаарту ашәқәа рполитика цқьоуп. Урыстәыла агрессиа иаҭакны,  Финлиандиеи Швециеи Нато иалалоит, излаҳалшо ала ирласны арҭ атәылақәа ҳадаҳкылароуп”.