Дмитри Медведев ишиҳәаз ала,  Украина анапхгара импыҵахалоу арегионқәа Урыстәыла ахәҭас иазхарҵар, Урыстәыла Украина аенергетикатәи инфраструктура ажәылара иаҟәыҵуеит
Дмитри Медведев ишиҳәаз ала,  Украина анапхгара импыҵахалоу арегионқәа Урыстәыла ахәҭас иазхарҵар, Урыстәыла Украина аенергетикатәи инфраструктура ажәылара иаҟәыҵуеит

Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ  Дмитри Медведев  ишиҳәаз ала,  Украина анапхгара импыҵахалоу арегионқәа Урыстәыла ахәҭас иазхарҵар, Урыстәыла Украина аенергетикатәи инфраструктура ажәылара иаҟәыҵуеит.

«Афымцала аиқәыршәара апроблема аӡбаразы даҽа мҩак иҟоуп. Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәарақәеи ҳконституциаҿы иарбоу алҵшәақәеи иазхаҵатәуп. Убасҟан афымца апроблемагьы аҭыҧ иқәҵахоит…», — иҩит  Дмитри Медведев.

Медведев иҳәамҭала, Украина  Словакиаҿ афымца аанахәар, европауааи украинааи афымца ахә рзыцәгьахоит.

Украина, раҧхьаӡа акәны, аҧышәаратә режимаҿ, Словакиантә афымца аекспорт мҩаҧнагеит жьҭаара  27 рзы. Атәылаҿы афымца апроблема цәырҵит Урыстәыла ала аенергетикатә инфраструктура ажәылара ашьҭахь.