Дмитри Кулеба - Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа аҩбатәи араун анымҩаҧысуа идырым
Дмитри Кулеба - Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа аҩбатәи араун анымҩаҧысуа идырым

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҳәамҭала, Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа аҩбатәи араун анымҩаҧысуа макьана  идырым.

«Аиҿцәажәарақәа актәи араун мҩаҧган, алҵшәа иҟамызт. Урыстәыла ахатә аҳәарақәа аҧсахуам. Аибашьа иалагаанӡа Путин иқәиргылаз аҳәарақәа роуп уажәгьы иҟоу. Ҳара аиҿцәажәара ҳазыхиоуп, адипломатиа ҳазыхиоуп, аха, урыстәылатәи аультиматумқәа рыдкылара ҳазыхиам», — иҳәеит  Кулеба.

Ишыжәдыруа ала, Кремль аспикер Дмитри Песков ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аделегациа Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәара аҭыҧашҟа инеиуеит ахаша ахәылбыҽхан.