Дмитри Кулеба – Украина аҽаларахәрада Украина иазку изакәызаалак еиқәшаҳаҭрак зыҟалом, аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара, Украина аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагоит абри апринцип ахьчара мацарала
Дмитри Кулеба – Украина аҽаларахәрада Украина иазку изакәызаалак еиқәшаҳаҭрак зыҟалом, аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара, Украина аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагоит абри апринцип ахьчара мацарала

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба иҳәамҭала, Китаи ишьақәнарҕәҕәеит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Кулеба иажәақәа рыла, Китаи адәныҟатәи аусқәа рминистр иаҵшьны иазгәеиҭеит ииашоу, иҭышәынтәалоу аҭынчра шышьақәыргылатәу.

«Китаи ишьақәнарҕәҕәеит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, уи аҵакы ду амоуп. Китаитәи сколлега иаҵшьны иазгәеиҭеит ҳара алаҧшхырҧара акәымкәа, ииашоу, иҭышәынтәалоу аҭынчра шаҳҭаху», — иҳәеит Кулеба.

Украинатәи адипломат ишиҳәаз ала, иара китаитәи иколлега инарҭбаау аинформациа ииҭеит  «аҭынчра аформулеи», аҭынчратә саммити, наҟ-наҟ Украина иҟанаҵараны иҟоу ашьаҿақәеи ирызкны.

Кулеба ишиҳәаз ала, хымҧада 2 принципк ихьчатәуп: Украина аҽаларахәрада Украина иазку изакәызаалак еиқәшаҳаҭрак зыҟалом, насгьы,  аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара, Украина аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагоит абарҭ апринципқәа  рыхьчара мацарала.