Дмитри Кулеба  G7 атәылақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Израиль иамоу Аҳаирхыхьчаратә система еиҧшу асистема Украина иарҭарц
Дмитри Кулеба  G7 атәылақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Израиль иамоу Аҳаирхыхьчаратә система еиҧшу асистема Украина иарҭарц

 

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба G7 атәылақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Израиль иамоу Аҳаирхыхьчаратә система еиҧшу асистема Украина иарҭарц. Кулеба ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  италиатәи адгьылбжьахала Капри аҿы,  G7 атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иалагаанӡа.

«Сгәы ишаанаго ала, астратегиа аҳәаақәҵароуп зегьы реиҳа ихадоу.  Ишубарҭоу ала, ҳпартниорцәа Израиль азы ирымоу астратегиа хықәкыс иамоуп азарали аҧсҭбареи аҽацәыхьчара.  Убри азоуп дара ирантәи аракетақәа қәҿиарала  изкарыжьуа. Аҵыхтәантәи аамҭазы ишубарҭоу ала,  Украина иадҳәаланы даҽа стратегиак рымоуп –  азарал  аиҭашьақәыргылара ацхраареи ари аибашьра иалаӡыз аҭынчуаа ррыцҳашьареи. Арҭ астратегиақәа еиҧшым. Убри аҟынтә, иахьазы ҳара хықәкык ауп иҳамоу  — ҳпартниорцәа Украинаҿ аҧсҭбареи абгареи аҽацәыхьчараҿы иҳацхрааша амеханизм аҧырҵаратәы аҟаҳҵароуп», — иҳәеит  Кулеба.