Дмитри Кулеба – Аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргыларазы Украина  Урыстәылаҟны аконструктивтә аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп
Дмитри Кулеба – Аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргыларазы Украина  Урыстәылаҟны аконструктивтә аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп

«Украиназы Китаи агәаанагара аҵакы ду амоуп, аполитикатә мҩала аимак аҭыҧқәҵара иазку  Китаии Бразилиеи ф-пункттәи рконсенсус шьаҭанкыла иҭаҳҵааит. Украина Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп, егьаҭахуп», — иҳәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба визитла Китаи даныҟаз.

Кулеба Украинеи Китаии рыбжьара астратегиатә партниорра аҵакы иазгәаҭаны, ишиҳәаз ала, Украина  «иаку Китаи» апринцип иадгылоит.

Китаи адәныҟатәи аусқәа рминистр  Ван И Украина имҩаҧысуа аибашьра даналацәажәоз, иаҵшьны иазгәеиҭеит Китаи аполитикатә мҩала аимак аҭыҧқәҵареи аҭынчратә аиҿцәажәарақәеи ишрыдгыло.