Дито Саӡаҕлишвили - Аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит Саакашвили апротест аформа иаҳа ирџьбарырц азыҳәан
«Михаил Саакашвили Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара дақәшаҳаҭуп», — иҳәеит ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идукат Дито Саӡаҕлишвили.
«Саакашвили амлашьра аҟәыҵра ибжьаргеит иара игәабзиара ахьчара амзызла. Убри иадҳәаланы, аиҳабыра ирыдырҵеит иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара.
Иацы аиустициа аминистр ишааицҳаз ала, аиҳабыра Саакашвили амлашьра даҟәыҵырц ибжьаргоит, аха, иахьа иҟарҵаз аабеит. Европатәи аӡбарҭа ақәҵара анрыдыркыла анеҩс иаладырҵәаз акадрқәа рҿы лабҿаба иубарҭоуп Саакашвили изы амч рхы ишадырхәаз, ишәыз амаҭәақәа зегьы ҧжәоуп.
Иҵабыргны иуҳәозар, атәыла напхгара Саакашвили иаҳаҭыр ладырҟәыр рҭахын. Дара хықәкык ауп ирымоу, Саакашвили амлакра даҟәыҵыр акәымкәа, апротест аформа иаҳа ирџьбарыр рҭахуп», — иҳәеит Саӡаҕлишвили.