Девид Кемерон – Путин даанаҳамкылар, иара иҵегьы даҳзыхынҳәуеит, Америка аҕацәа уи иақәгәырҕьоит
Девид Кемерон – Путин даанаҳамкылар, иара иҵегьы даҳзыхынҳәуеит, Америка аҕацәа уи иақәгәырҕьоит

Бритагниа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Девид Кемерон, иҳәамҭала, Ааигәатә Мрагылараҿ акризис шыҟоугьы, хшыҩзышьҭра хада Украинаҟа ахы рхазароуп.

Кемерон  ишазгәеиҭаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра  аконтинент ашәарҭадара иаҧырхагоуп.

«Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Путин абра даанаҳамкылар, иара иҵегьы дшыхынҳәуа, Америка аҕацәа уи иақәгәырҕьоит», – иҳәеит британиатәи аминистр.

Кемерон иажәақәа рыла,  Конгресс аҿы Украина ацхраара иазку апакет рыдрымкылар Америка  игәрагам партниорс иҟалоит ҳәа иҟоу агәаанагара дақәшаҳаҭым.  Девид Кемерон игәаанагарала, Украина ари аҧара даараӡа иаҭахуп, аха, ари азҵаара аполитикатә ганахьала иуадаҩуп.