Девид Камерон Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалоит
Девид Камерон Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалоит

Британиа Ду ҧасатәи аҧыза-министр Девид Кемерон Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Атәыла аҧыза-министр Риши Сунак аминистрцәа ркабинетаҿ акадртә ҧсахрақәа мҩаҧигоит. Раҧхьа иргыланы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Суела Браверман аусура дамырхит.  Ари аҭыҧ ааникылеит адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Џьеимс Клеверли.

Иара убас, инапынҵақәа шьҭеиҵеит аҵара аминистр. Агәабзиарахьчара аминистргьы иҭыҧ ааныжьра игәы иҭоуп.