Денис Шмыгаль - Урыстәыла ажәылара иахҟьаны Украина 565 миллион доллар иаҟароу аԥхасҭа аиуит
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Урыстәыла ажәылара иахҟьаны Украина 565 миллион доллар иаҟароу аԥхасҭа аиуит, – иҳәеит Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль , Чезиеи, Польшеи, Словениеи рԥыза-министрцәа рҟны аиԥылара ашьҭахь.
Аинформациа аладырҵәеит украинатәи аихқәа.
„Аиҳабыраҿ еиҿкаауп агәыԥ, ум Урыстәыла агрессиа иахҟьаны атәыла аиуз аекономикатә ԥхасҭа аԥхьаӡара алагеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Урыстәыла ажәылара иахҟьаны Украина 565 миллион доллар иаҟароу аԥхасҭа аиуитა“, – иҳәеит Шмыгаль.