Денис Шмыгаль – Мраҭашәараҿ ирҵаау урыстәылатәи активқәа Урыстәылаҟа ихынҳәыр ҟалом
Денис Шмыгаль – Мраҭашәараҿ ирҵаау урыстәылатәи активқәа Урыстәылаҟа ихынҳәыр ҟалом

Украина аҧыза-министр  Денис Шмыгаль ишиҳәаз ала,  Мраҭашәараҿ иҵаау урыстәылатәи активқәа Урыстәылаҟа ихынҳәыр ҟалом.

«Урыстәылатәи аҧара Украина аиҭашьақәыргыларазы акрызҵазкәа ресурсхароуп. Урыстәылоуп ашәара зыхәҭоу», – иҳәеит Денис Шмыгаль.

Шмыгаль  Украина аиҭашьақәыргыларазы урыстәылатәи активқәа рхархәара иазку 4 шьаҿак дрылацәажәоит.

«Раҧхьа иргыланы, акомпенсациа аҭаӡара шьақәзыргылаша жәларбжьаратәи акомиссиа еиҿкаатәуп.  Аҩбатәи – апартниор тәылақәа иҵаау урыстәылатәи активқәа Украина аҭаразы азакәанҧҵара рыҧсахроуп. Ахҧатәи –  еизгоу аҧара ахьышьҭарҵаша акомпенсациатә фонд аҧҵатәуп.  Аҵыхәтәаны – аконфискациа амҩаҧгареи аиҭашьақәыргылара апроцесс аҧара азоушьҭреи», – иҳәеит Украина аҧыза-министр.