Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла НАТО аминистериал анеҩстәи аиҧыларашҟа ааҧхьара аиуит, ҳтәыла даҽазнык азхаҵара аиуит

17:31, 15.11.2021

Қырҭтәыла, ҧхынҷкәын алагамҭазы имҩаҧысуа    НАТО аминистериал анеҩстәи аиҧыларашҟа ааҧхьара аиуит,  ҳара уи даараӡа ҳаигәырҕьоит,  ҳтәыла, Украина инаваргыланы, НАТО алаларазы апретенден – тәыла ҳасабала  даҽазнык азхаҵара аиуит,  — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ  Залкалиани.

Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза ашьаҿақәа НАТО азааигәахара иацхраауеит.

«2018 шықәсазы, раҧхьаӡа акәны,   НАТО-Қырҭтәыла-Украина асаммит ашҟа ааҧхьара ҳауит, убри аамышьҭахь, аминистрратә форматқәа рахьгьы  ааҧхьара ҳарҭеит.  НАТО алахәылацәа  даҽанык аадырҧшит ҳинициативақәа ишрықәшаҳаҭу. Абри зегьы НАТО ашҟа ҳтәыла аинтеграциа иацхраауеит», — иҳәеит Залкалиани.

 

Еиԥшу