Давид Бақраӡе - Ахада луснагӡатә абри еиԥш аформат ала адеполиаризациа иахәоит ҳәа сгәы иаанагом, убри аҟынтә уи аҽалархәра сгәы иҭам
Қырҭтәыла европатәи астатус азы исылшо зегь аҟаҵара сазыхиоуп, аха ахада луснагӡатә абри еиԥш аформат ала адеполиаризациа иахәоит ҳәа сгәы иаанагом, убри аҟынтә уи аҽалархәра сгәы иҭам, – иҳәеит апарламент алахәыла Давид Бақраӡе.
Бақраӡе иажәақәа рыла, ари ауснагӡатә абри еиԥш аформоат ала адеполиаризациа иахәоит ҳәа игәы иаанагом.
Ԥхынкәын 13 рзы Аҭонели иҟоу арезиденциаҿ Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиԥылара мҩаԥылгоит, ацҳаражәҳәаҩцәа акампаниа “Ҳабжьы Европа иаҳҭоит” аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгаз анапынҵамҭқәа рылҭоит. Ауснагӡатә ахь иара убас иааԥхьоуп Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа зегьы, аԥыза-министрҵәеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи. “Ари зыда ҳхәарҭам консенсусуп, адеполиаризациоуп, уи ала Европашҟа ҳамҩа иманшәалахоит”, – иазгәалҭеит Қырҭтәыла ахада.