Давид Арахамиа - ЕАШ аҟынтә ацхыраара маҷхар, иаҳа ирацәаны ауаа рмобилизациа аҭаххоит
ЕАШ аҟынтә ацхыраара маҷхар, иаҳа ирацәаны ауаа рмобилизациа аҭаххоит, – иҳәеит Украина анапхгаратә партиа “Жәлар рмаҵҩы” афракциа анапхгаҩы Давид Арахамиа.
Арахамиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина ацхыраара амҽхаки амобилизациеи еидҳәалоуп.
” ЕАШ аҟынтә ацхыраара маҷхар, иаҳа ирацәаны ауаа рмобилизациа аҭаххоит. Ацхыраара иазҳар, абџьар акоеффициент иазҳауеит, убри аҟынтә ауаагьы иаҳа́ имаҷны иаҭа́ххоит, изюан акәзар афронт цәаҳәақәак бџьарна ахҩаара ҳалшоит”, – иҳәеит Арахамиа.