Давиҭ Залкалиани - Қырҭтәылеи Франциеи рзинхьчаратә структурақәа еицымҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа агәыҕра сырҭоит аанкылара амеханизм амч аиуом ҳәа
Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы авизалиберализациа ахадаратә қәҿиарақәа иреиуп, – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.
Иара иҳәамҭала, ари ақәҿиара аиҷаҳара аҭахуп.
„Убри аҟынтә, Қырҭтәыла аиҳабыра ҳпартниорцәа ргәынамӡара цыҧхьаӡа ишахәҭоу еиҧш иақәҿырҭуеит. Иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Иахьа аҳәамҭа ҟаҵан қырҭәтылеи Франциеи рзинхьчаратә структурақәа русеицура арҭбаара иазкны. Намысдарала авизадатә режим рхы иазырхәар зҭаху ауаа уи еиҧш алшара рыҭатәым, намысла ари аихьӡара зхы иазырхәо ауааҧсыра ирҧырхагамхарц азыҳәан. Қырҭтәылеи Франциеи рзинхьчаратә структурақәа еицымҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа агәыҕра сырҭоит аанкылара амеханизм амч аиуом ҳәа “, – иҳәеит Давиҭ Залкалиани.
Қырҭтәыла иаҭааз Франциа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Кристоф Кастинер иахьа ақырҭуа иколлега Гьаргь Гахариа диҧылеит. Аиҧалыра ашьҭахь аминистрцәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит. Ишеилкаахаз алаҚырҭтәылеи Франциеи рзинхьчаратә структурақәа еицымҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа агәыҕра сырҭоит аанкылара амеханизм амч аиуом ҳәа Франциа аҵакырадгьыл аҿы Қырҭтәыла атәылауаа иҟарҵо ацәгьаурақәа реилыргара апроцесс рхы аладырхәоит ақырҭуа зинхьчаҩцәагьы.