«Ҳара, ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы намысла инаҳагӡоит, убри аҟынтә, авизадатә режим аанкылара Қырҭтәыла иадкьыслом», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани онлаин-ресурс euobserver.com. аҿы аларҵәара зауз аинформациа иадҳәаланы ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аҭыжьымҭа аинформациа инақәыршәаны, Германтәыла аҳәарала, жьҭаара 13 рзы, Евроеидгыла балтиатәи атәылақәеи, Украинеи, Қырҭтәылеи рзы авизадатә режим аҧыхра азҵаара иахәаҧшуеит. Амзыз — еиқәыҧхьаӡоу атәылақәа рҟынтәи Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлара.
Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала, астатиаҿы Қырҭтәыла аӡбахә рҳәом.
«Ҳуааҧсыра сырҭынчыр сҭахуп, иара убас, абри аинформациа зхы иазырхәар зҭаху ҳоппонентцәа ргәы касыжьыр сҭахуп, избанзар абри зегьы мцуп. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, зыӡбахәы ҳәоу астатиаҿы конкретла Қырҭтәыла аӡбахәы рҳәом. Молдовеи балкантәи атәылақәеи роуп излацәажәо. Ахыҵакырҭа иашьҭоу ауаа рхыҧхьаӡара 75 наӡынала имаҷхеит. Ҳара изакәызаалак проблемак ҳамам. Ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы намысла инаҳагӡоит, убри аҟынтә, авизаадатә режим аанкылара амеханизм Қырҭтәылазы ахархәара аиуам», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.