Давиҭ Лорткиҧаниӡе даҽа ҧшьышықәса Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи анапхгара азиуеит
«Давиҭ Лорткиҧаниӡе даҽа ҧшьышықәса Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи анапхгара азиуеит», — иануп Қырҭтәыла Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра ақәҵараҿы.
Ақәҵара инапы аҵаиҩит аминистр актәи лхаҭыҧуаҩ Карло (Каха) Сихарулиӡе.
Давиҭ Лордкиҧаниӡе ишиҳәаз ала, Амилаҭтә музеи иадҳәалоу ауснагӡатәқәа рплан аминистрра адигалоит мызкы иахымгакәа.
Давиҭ Лордкиҧаниӡе Амилаҭтә музеи агенералтә директорс дыҟоуп 2004 шықәса инаркны.