Апартиа «Европатәи Қырҭтәыла», иахьатәи аизараҿы апартиатә напхгара ҿыц алырхуеит. Сара аизарашҟа снеиуам. Еиҭасҳәар сҭахуп апартиа сшалҵуа, — иҩит Давиҭ Бақраӡе асоциалтә аҳаҿы.
Иара ишиҳәаз ала, уажәазы изакәызалак партиак алалара игәы иҭам.
Давиҭ Бақраӡе игәаанагарала, 2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа раан апартиа «Европатәи Қырҭтәыла» иаиуз алҵшәақәа рылагьы иубарҭоуп апартиа аилазаара шырҿыцтәу.
«Сара апартиа ахантәҩы иҳасабала снапынҵақәа шьҭасҵеит. Аҿыц лидерцәа амҩа рысҭар сҭахуп. Гиги Угулавагьы убасҵәҟьа игәы иаанагоит. Гига Бокериа дҳақәшаҳаҭым, апартиа анапхгаратә ҭыҧ аҿы даангылеит. Сара игәаанагара ҳаҭыр ақәысҵоит. Апартиа уажәтәи аилазаара ала алхыҩцәа рыгәрагара аиура ҳцәыуадаҩхоит. Апариа аилаазаара ирҿыцтәуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха, абри аҩыза апроцесс мҩаҧысуам, убри азоуп апартиа сзалҵыз.
Сара аполитикаҿы саанхоит, аоппозициатә ақәҧара салахәызаауеит, исылшо зегьы ҟасҵоит Қырҭтәыла аекономикатә ганахьала иҕәҕәоу, зхы иақәҭу, иаку европатәи адемократиатә ҳәынҭқаррас иҟаларцаз», — иҩит Давиҭ Бақраӡе.
Иахьа апартиа «Европатәи Қырҭтәыла» аизара ду мҩаҧысуеит.