Давиҭ Арахамиа – Қырҭтәыла ауааҧсыра Европаҟа ирҭахуп, уи азын изланеиша аҩныҵҟатәи адҵеи амҩеи иҟоуп
Украина Рада анапхгаратә фракциа анапхгаҩы Давиҭ Арахамиа асоциалтә аҳаҿы Қырҭтәыла иазку аҳәамҭа алаирҵәеит.
Иара иажәақәа рыла, агәра ганы дыҟоуп Украина Евроеидгыла алаларазы иаҭаху ареформақәа зегьы қәҿиарала ишымҩаҧнаго.
«Егьырҭ атәылақәа шықәсқәак ирылагӡаны иҟарҵо ҳара мызкала иҟаҳҵоит, дара мызкала иҟарҵо ҽнакала иҟаҳҵоит.
Шәнызқьла ауааҧсыра абџьар шьҭыхны ҳтәыла аурыс агрессиантә ианырыхьчо аамҭазы, ҳара, ҳрывагыланы, аҳәынҭқарратә усқәа ҟаҳҵароуп, ҳажәлар аҧеиҧш бзиа рзеиқәҳаршәароуп. Қырҭтәыла ауааҧсырагьы Европаҟа ирҭахуп, уахь изланеиша аҩныҵҟатәи адҵеи амҩеи иҟоуп. Атәыла анапхгара зегьы олигархк инапаҿы ианыҟоу, атәылаҿ аполитбаандаҩцәа аныҟоу, ажурналистцәа абахҭа иҭакызар, ари ахықәкы анагӡара уадаҩхоит. Аха, апроблемақәа шырацәоугьы, ақырҭуа жәлар, знымзар-зны ари апроблема рыӡбоит. Иахьа сареи спрезиденти ажәа шәаҳҭоит исызгәакьоу Қырҭтәыла излауа ала ирласны ари апроблема аӡбараҿы ҳшацхраауа. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина! Ахьӡ-аҧша амазааит Қырҭтәыла», — иҩит Арахамиа.