"Дариалтәи" аҳәаатә пункт анеитралтә ҭыԥ аҿы иҟаз 65-ҩык Украина атәылауаа рыԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит
"Дариалтәи" аҳәаатә пункт анеитралтә ҭыԥ аҿы иҟаз 65-ҩык Украина атәылауаа рыԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Украинатәи агани рыбжьара имҩа пгаз ганрацәалатәи аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны, “Дариалтәи” аҳәаатә пункт анеитралтә ҭыԥ аҿы иҟаз 65-ҩык Украина атәылауаа ачартертә реисла ахԥатәи атәылахь ииасны, рыԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит, – аанацҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭарнакцәа “Дариалтәи” аҳәаатә пункт анеитралтә ҭыԥ аҿы иҟаз Украина атәылауаа Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазахь инарган, Украина азакәанхьаратә органқәа рхаҭарнакцәа ирырҭеит.

“Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәааҿ иаанхоит гәыԥҩык Украина атәылауаа. Аԥсадгьыл ашҟа ишәарҭам рырхынҳәразы, ақырҭуа ган Украинеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рҟны аиҿцәажәарақәа нанагӡоит”, – иануп аусҳәарҭа аинформациаҿы.

“Дариалтәи” аҳәатә пункт  анеитратә ҭыԥ аҿы иҟан Урыстәылантә иааиз 87-ҩык Украина атәылауаа. Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә аинтересқәа рҟынтә урҭ аҳәаа ахысра алшара рыҭамызт – рыззегьы акриминалтә шьаҭа рымоуп. Украина иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит “Дариал” иҟоу аҳәатә пункт анеитратә ҭыԥ аҿы иҟоу ртәылауаа Украинахь рырхынҳәразы ирылшо зегь ҟарҵарц. Қырҭтәыла АҩАР украинатәи аган “Дариал” иҟоу аҳәатә пункт анеитратә ҭыԥ аҿы иҟоу ртәылауаа Украинахь рырхынҳәраҿ ирыцхраарц, рырхынҳәразы иаҭаху аԥара ршәарц иазыхиоуп.