Даниа аҧыза-министр Метте Фредериксени Испаниа аҧыза-министр Педро Санчеси Бородианка ақалақь ашҟа инеит.
Испаниа аҧыза-министр асоциалтә аҳа «Твиттер» аҿы авидеонҵамҭа алаирҵәеит.
« Бородианка избаз Путин игыгшәыгра сгәы ҧнажәеит. Ҳара аукраин жәлар рымацара аанҳажьуам“, — иҩит Педро Санчес.
Испаниеи Даниеи рлидерцәа Украина ахада Владимир Зеленски иҧылараны иҟоуп.