Даниа апарламент Палестинатәи аҳәынҭқарра азхаҵара иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭымхеит
Даниа апарламент Палестинатәи аҳәынҭқарра азхаҵара иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭымхеит.
Уаанӡа Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Ларс Локе Расмуссен иҳәеит палестинатәи аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы ашьаҭа иҟам ҳәа.
Жәабран анҵәамҭаз арҕьаратә 4 партиак даниатәи апарламент азакәанпроект аларгалеит.
«Ҳара Палестинатәи аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара ҳалшом, избанзар, уи азыҳәан изакәызаалак шьаҭак иҟам. Ҳара ари арезолиуциа ҳзадгылом, аха, уи ианҳалшаша амш ҳбар ҳҭахуп», — иҳәеит Ларс Локе Расмуссен мшаҧы азы, апарламентаҿ ари азакәанпроект раҧхьаӡа ианахәаҧшуаз.
Иахьа Ирландиеи, Испаниеи, Норвегиеи аофициалла Палестинатәи аҳәынҭқарра иазхарҵеит.