Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр - НАТО апартниор-тәылақәа рҟны, урҭ рыбжьара, Қырҭтәылаҟны, аусеицура арҕәҕәара аҵакы ду амоуп
«НАТО апартниор-тәылақәа рҟны, урҭ рыбжьара, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Швециеи, Финлиандиеи, балтаиатәи атәылақәеи рҟны, аусеицура арҕәҕәара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Иеппе Кофод Бриуссель, НАТО аминистериал иалагаанӡа.
Иара иажәақәа рыла, абарҭ атәылақәа жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны ҭынч анхара азин рымазароуп.
«Уажәы Европа имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала ашәарҭадара аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахуеит, абри зегьы жәабран 24 рзы Урыстәыла ала Украина ажәылара иахылҵит. Жәабран 24-нӡа даҽа Европак иҟан, ахатә проблемақәа змаз Европа цәгьа. Уажәы Европа аҽеиҭанакит. Ҳара ҳпартниорцәа зегьы рҟны, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, аусеицура ҳарҕәҕәароуп, избанзар, европатәи атәылақәа зегьы жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны ҭынч анхара азин рымазароуп», — иҳәеит Кофод.