Даҕьсҭан   хәҭалатәи амобилизациа иаҿагыло акциақәа инагӡоит

Даҕьсҭан   хәҭалатәи амобилизациа иаҿагыло акциақәа инагӡоит. Махачкалеи Хасавиурти шәҩыла ауааҧсыра адәахьы идәылҵит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Иара убас,  акциақәа рылахәылацәеи азинчаҩцәеи реиҿагылара иазку аинформациа иҟоуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  20ҩык раҟара аанкылоупу. Урҭ иреиуп ҩыџьа ажурналистцәагьы.