Даҽа 40ҩык ақырҭуа аиқәырхаҩцәа аиқәырхаратә усурақәа рҽалархәразы Ҭырқәтәылаҟа идәықәлеит
Даҽа 40ҩык ақырҭуа аиқәырхаҩцәа аиқәырхаратә усурақәа рҽалархәразы Ҭырқәтәылаҟа идәықәлеит

Ҭырқәтәыла адгьылҵысра алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа ирылахәы ақырҭуа абылрацәахьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи ирыцлоит даҽа  40ҩык ақырҭуа аиқәырхаҩцәа.

Аҩбатәи агәыҧ Ҭырқәтәылаҟа идәықәлахьеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адыррала, аҩбатәи агәыҧгьы Адыиаман ақалақьаҿ имҩаҧысуа аиқәырхаратә усурақәа рхы рыладырхәоит.

Қырҭтәи жәларбжьратәи аҳаирбаҕәазаҿ ақырҭуа аиқәырхаҩцәа инаскьаргеит Аҭагылазаашьа ҷыдарақәа рхылаҧшра амаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мҕебришвилии Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Али Каан Орбаии.